Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Германтәыла Бундестаг ахада Бербель Бас дылҧылеит.
Аиҧылараҿы излацәажәаз атемақәа иреиун Қырҭтәылеи Германтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа рҿиараҿы иҟоу адинамика бзиеи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи, ҩ-тәылак рпарламентқәа рыбжьарагьы.
Аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иаҵшьны иазгәеиҭеит Германтәыла Қырҭтәыла адәныҟатәи политика аҧыжәарақәа – европатәи евроатлантикатәи интеграциа ҕәҕәала ишадгыло, иара ишиҳәаз ала, Германтәыла наҟ-наҟгьы ари ахырхарҭала Қырҭтәыла адгылара нанагӡап ҳәа дгәыҕуеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан азакәанҧҵаратә органқәа рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҭбаареи аҵакы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы Германтәыла Бундестаг ахада ҭабуп ҳәа леиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи агыларазы.