Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа Аахыҵ Кавказ аҿы Адунеи абанк арегионалтә директор Себастиан Молинеус диҧылеит
Аиҧылара бзиа мҩаҧаагеит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәылеи Адунеи абанки қәҿиарала русеицура иазкны ҳгәаанагарақәа еиҧшуп, – иҳәеит Аахыҵ Кавказ аҿы Адунеи абанк (WB) арегионалтә директор Себастиан Молинеус Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариа даниҧыла ашьҭахь.
Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Адунеи абанки қәҿиарала русеицуреи, авакцинациа аплани, атәыла евроаинтеграциеи, аструктуратә реформақәа рплани иалацәажәеит.
Себастиан Молинеус даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Адунеи абанк Қырҭтәыла ишацхраауа Евроеидгыла ашҟа аинтеграциа иазку аплан хада – 2024 шықәсазы алаларазы азыҳәамҭа армазеира аҿы.
Адунеи абанк Қырҭтәылеи Евроеидгылеи еидызҳәалаша аинфраструктура аҿиара ацхраара иазыхиоуп, арегионалтә ҵакы змоу астратегиатә проектқәагьы уахь инрылаҵаны. Иара убас, уажәазы, Адунеи абанк Қырҭтәыла аиҳабыра ирыцхраауеит авакцинациа апроцесс аҿгьы.
Гьаргь Гахариа ишазгәеиҭаз ала, Covid-19 апандемиа аҿагылара апроцесс аҿы Адунеи абанк аҟынтә Қырҭтәыла иаиуз ацхыраара атәыла аекономикеи асоциалтә ҭагылазаашьеи азы анырра бзиа аман. Ишазгәаҭаз ала, Адунеи абанк апрограммақәа ацхыраара ду ҟарҵеит Қырҭтәыла зҵакы дуу ареформақәа рымҩаҧгараҿы, абарҭ ареформақәа иреиуп: атәанчара ареформа, адепозитқәа рыҧгаҧса асистема ареформа, акапитал аџьармыкьа аҿиара ареформа; аҳәынҭқарреи хазхаҭаалатәи асектори рпартниорра асистема аҿиара, убас егьырҭгьы. Аҧыза-министри Адунеи абанк арегионалтә директори 2019-2022 шықәсқәа рзтәи апартниорра аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура арҭбаара ишазыхиоу иазгәарҭеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа, акоронавирус аҩбатәи ацәқәырҧа иадҳәааланы атәылауааи абизнеси хықәкыла рыцхраара анеҩстәи аетапгьы иалацәажәеит.
Аиҧылараҿы аганқәа рхаҭарнакцәа зымҽхак дуу арегионалтә проектқәагьы ирзааҭгылеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, апандемиа ашьҭахь Қырҭтәыла ахатә стратегиатә ҭыҧ ахархәареи, апандемиа анеҩстәи адунеи аҿы қәҿиарала аҭыҧыркреи алшароуп.
Аиҧылара алахәылацәа аҿиара аполитика анапхгараҭара (DPO) аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа апартниорра ибзианы иахцәажәеит, уи аинклиузивтә азҳареи хазхаҭалатәи асектор аконкуренциалшара аизырҳареи иацхраауеит.
Адунеи абанк – Қырҭтәыла зегьы реиҳа ирацәаны аҧара алазҵо аиҿкарақәа иреиуп, уи апортфель 2.7 миллиард адоллар иаҟароуп.