Қырҭтәыла аҧыза-министр Франциа ахада ихьӡала имҩаҧгаз аофициалтә адкылараҿы дыҟан 
Қырҭтәыла аҧыза-министр Франциа ахада ихьӡала имҩаҧгаз аофициалтә адкылараҿы дыҟан 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Франциа ахада ихьӡала имҩаҧгаз адкылараҿы дыҟан. Адкылара мҩаҧган парижтәи Аолимпиатә хәмаррақәа ирылахәу  аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа раҳаҭыр аҟынтә.

Еммануел Макрони иҧҳәыси  аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәеи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи рыдыркылеит Елисеитәи аханаҿ.