Қырҭтәыла Аҧыза-министр Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахада дылҧылеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахада дылҧылеит

 

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахада дылҧылеит.

Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Европа Ахеилаки лҵшәарала русеицура аҵакы. Мамука Бахтаӡе Лилиан Мори Паские ҭабуп ҳәа леиҳәеит Қырҭтәыла аҭаареи Европа Ахеилак ашҟа Қырҭтәыла алалара инаркны  20 шықәсҵра инамаданы имҩаҧысуа ауснагӡатәқәа рҽалархәреи азыҳәан. Ишазгәаҭаз ала, Европа Ахеилак азгьы аиубилеитә рыцхә ааигәахоит, хара имгакуа ари аиҿкаара  70 шықәсатәи аиубилеи иазгәарҭараны иҟоуп.

Аганқәа рхаҭарнакцәа  Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциа апроцесс  иалацәажәеит. Аҧыза-министр ишазгәеиаҭаз ала, Европаҟны аинтеграциа ақырҭуа жәлар рцивилизациатә аӡбароуп, атәыла ари амҩа ианыҵраны иҟам.

Хшыҩзышьыҭра  азун адемократиа аҿиареи ареформақәа рымҩаҧгареи аганахьала аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҿы Қырҭтәыла иҟоу апрогресс. Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахада ҷыдала иазгәалҭеит ауаҩытиәыҩса изинқәа рыхьчареи апарламент ароль арҕәҕәареи аус аҿы атәылаҿ иҟоу ақәҿиарақәа.

Аҧыза-министри Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа ахадеи Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьа цәгьеи ауаҩытәыҩса изинқәа реилагара афактқәеи ирылацәажәеит. Мамука Бахтаӡе Лилиан Мори Паские  аинформациа лиҭеит Қырҭтәыла аиҳабыра рҭынчратә инициатива – „Еиҕьу аҧеиҧш азы ашьаҿа“ иазкны, уи аимак амшала еицәыхарахаз ауааҧсыра рыбжьара агәреибагара аиҭашьақәыргылареи, ргуманитартәи рсоциал-економикатәи  ҭагылазаашьа аиҕьтәреи, алшарақәа ҿыцқәа рзеиқәыршәареи иазкуп.