Қырҭтәыла аҧыза-министр Естониа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит 
Қырҭтәыла аҧыза-министр Естониа ацҳаражәҳәаҩ дылҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Естониа ацҳаражәҳәаҩ Риина Калиуранд дылҧылеит.Аиҧылараҿы ҩ-тәылак рыбжьара ишьақәгылаз акыршықәсатәи еизыҟазаашьақәеи апартниорреи иаҳа арҭбааразы иҟоу аперспективақәа ирылацәажәеит. Ари аганахьала ҷыдала иазааҭгылеит аекономикеи аинвестициақәеи рхырхарҭала аусеицура арлахҿыхра азҵаара. 

Адипломат аҧыза-министр изышьақәлырҕәҕәеит Естониа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, иара убас, европатәи евроатлантикатәи интеграциеи ишадгыло.