Қырҭтәыла аҧыза-министр Азербаиџьан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит 
Қырҭтәыла аҧыза-министр Азербаиџьан Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр диҧылеит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе аофициалтә визитла Қырҭтәыла иаҭааиз  Азербаиџьантәи ареспублика аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вилаиаҭ Еивазов диҧылеит.  

Аиҧылараҿы ҩ-тәылак рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи астратегиатә партниорра арҕәҕәаразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Азербаиџьани рзинтә усбарҭақәа рыбжьара акыршықәса ирылагӡаны ишьақәгылаз апартниорра ҕәҕәа. Ишазгәаҭаз ала, ҩ-тәылак рдәныҟатәи аусқәа рминистррақәа иахьа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иашьашәалоу аусбарҭақәа рыбжьара апартниорра иаҳа арҕәҕәара иацхраауеит, ҷыдала ацәгьаура апревенциеи, аарҧшреи, аҧыхреи ахырхарҭала.  

Аганқәа рхаҭарнакцәа арегионаҿ аҭышәынтәалареи акыраамҭалатәи аҭынчреи ашьақәыргылара аҵакы иалацәажәеит.  

Аиҧылара рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гека Гелаӡеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании, Азербаиџьантәи ареспубликаҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Зураб Патариӡеи, Қырҭтәыла иҟоу Азербаиџьан ацҳаражәҳәаҩ Фаиг Гулиеви.