Қырҭтыла аҧыза-министр  ашәахьазы агәабзиарахьчра аминистр ҿыц ихьӡ иҳоит
Қырҭтыла аҧыза-министр ашәахьазы агәабзиарахьчра аминистр ҿыц ихьӡ иҳоит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ашәахьазы, аиҳабыра реилатәараҿы, агәабзиарахьчара аминистр ҿыц ихьӡ иҳәоит. Ажурналистцәа ари атәы ирзааицҳаит апарламенттә аиҳара алидер  Мамука Мдинараӡе.

Мдинараӡе ишиҳәаз ала, аҧыза-министр ари азҵааразы аӡбара идикылахьеит.

«Аҧыза-министр агәабзиарахьчара аминистр идҳәаланы аӡбара идикылахьеит, сара аминистр ҿыц  ихьӡ сызшәаҳәом,  избанзар, уи аиҳабыра рнапхгаҩы иоуп иҟазҵаша. Иара апартиа аҩныҵҟа аконсультациақәа мҩаҧигеит, ауаа рацәа драцәажәаны, аӡбара идикылеит. Ишыздыруа еиҧш, аминистр ҿыц ихьӡ иҳәоит ашәахьазы, аиҳабыра реилатәараҿы», — иҳәеит  Мамука Мдинараӡе.

Зураб Азарашвили Қырҭтәыла агәабзиарахьчара аминистр иаҳасабала инапынҵақәа шьҭеиҵеит хәажәкыра 1 азы.