Қырҭтәыла аҧыза-министр Абу-Даби имҩаҧысуа Иҭышәынтәалоу аҿиара амчыбжь асаммит ихы алаирхәоит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Абу-Даби имҩаҧысуа Иҭышәынтәалоу аҿиара амчыбжь (ADSW) асаммит ихы алаирхәоит. Иеиду Арабтәи Аемиратқәа рҿы ари асаммит мҩаҧысуеит ажьырныҳәа 13-15 рзы.
Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы, атематикатә панель аҿы дықәгылоит, зыӡбахәы ҳәоу апанель темас иамазаауеит Абжьаратә корридор – Европеи Азиеи аенергиала реимадара.
Иара убас, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Кобахиӡе аинвестициатә еилахәырақәа рхаҭарнакцәа дырҧылоит.
Аусеицуреи, аинвестициақәеи, аинновациақәеи ирызку Иҭышәынтәалоу аҿиара амчыбжь асаммит рхы аладырхәоит аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәеи, абизнеслидерцәеи, аҿыцҧшьгаҩцәа қәыҧшцәеи, аполитикцәеи.
Абу-Дабиҟа идәықәлаз аҧыза-министр аделегациа ицуп. Аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии, аҧсабара ахьчареи ақыҭанхамҩеи рзы аминистр Давиҭ Сонҕулашвилии, аиустициа аминистр Паата Салиеи, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.