Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа мҩаԥысуеит.
Ацентртә алхратә комиссиа аинформациа ала, 2020 шықәса жьҭаара 31 рзы имҩаԥысуа алхрақәа рзы иҭаҩуп 3526023-ҩык алхыҩцәа. Урҭ иреиуоуп аҳәаанырцә инхо 14170-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа, иара убас Қырҭтәыла инхо 3 511 853-ҩык.
Атәыла амасштаб ала аартуп 3657 алхырҭақәа, аҳәаанырцә – 55. Абахҭақәа рҿы аартуп иҷыдоу 11 алхырҭақәа, аковид- сасааирҭақәа рҿы аҽыԥхьакраҿ иҟоу атәылауаа рзы – 127 алхырҭақәа.
2020 шықәса жҭаара 31 рзы 30 амажоритатә аокругқәа рҿы 50 аполитикатә субиектқәеи атәылауаа ринициативатә гәыԥқәа рҟынтә апарламенттә алхрақәа рхы аладырхәоит 500-ҩык амажоритартә кандидатцәа.
Қырҭтәыла апарламенттә алхрақәа раԥхьаӡа алхратә система ҿыц ала мҩаԥысуеит. Ауааԥсыра апарламент ажәабатәи ааԥхьара алахәылацәа ԥшьышықәсатәи аҿҳәарала еилоу асистемала иалырхуеит – 120-ҩык адепутатцәа апропорциатә системала, 30-ҩык – амажоритартә системала.
Апарламенттә аиҳара аиҿкааразы аполитикатә субиект абжьқәа 40% иреиҳаны аиуроуп.