Қырҭтәыла апарламент Словакиеи, Австриеи, Чехиеи рпарламентқәа рхантәаҩцәа иаҭаауеит
Қырҭтәыла апарламент Словакиеи, Австриеи, Чехиеи рпарламентқәа рхантәаҩцәа иаҭаауеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы иааԥхьарала, рашәара 5-6 рзы Қырҭтәыла Словакиеи, Австриеи, Чехиеи рпарламентқәа рхантәаҩцәа иаҭаауеит.

Апарламент апрессмаҵзура аинформациа ала, аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны хтәылак рделегациақәа Қырҭтәыла ахада, аԥыза-министр, апарламент ахантәаҩы ирԥылоит.

„Аиԥыларақәа раан зҵаара хаданы иқәгылоит Қырҭтәыла европатәи аперспективеи атәылақәа рпарламентқәа ирыбжьоу аимадарақәа рырӷәӷәареи.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Австриатәи ареспублика амилаҭтә ахеилак ахада Вольфганг Соботкеи Шьалуа Папуашвилии ҩганкалатәи аусеицуразы адокумент рнапқәа аҵарҩуеит.

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩи Словакиеи, Австриеи, Чехиеи рпарламентқәа рхантәаҩцәеи аихқәа рзы аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит”,- иануп  апарламент апрессмаҵзура аинформациа аҿы.