Қырҭтәыла апарламент Евроеидгыла абжьагарақәа жә-пунктк рҳәаақәа ирҭагӡаны азакәанҧҵаратә пакетқәак аднакылеит
Апарламент, ахҧатәи аҧхьарала иахәаҧшны, Евроеидгыла абжьагарақәа рынагӡара иазку азакәанҧҵаратә 3 пакетк аднакылеит.
Лымкаала, иахьа ирыдыркылеит «Аусеилыргаратә маҵзура ҷыда» иазку азакәани, «Акоррупциа аҿагылара иазку» азакәани, «Азеиҧш аӡбарақәа ирызку» Қырҭтәыла аоргантә закәани рахь аҧсахрақәа алагалара иазку азакәанпроектқәа.
Абжьыҭира ашьҭахь апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили ишиҳәаз ала, апарламент, Евроеидгыла абжьагарақәа рышьаҭала, зҵакы дуу азакәанҧҵаратә пакетқәа аднакылеит.
«Аӡбарҭақәеи, антикоррупциатә биурои, аусеилыргара ҷыда амаҵзуреи ирызку азакәанҧҵаратә 3 пакетк ҳауит. Уажәазы, апарламенттә аиҳара, арадикалтә оппозициаа рҽалархәрада, евроинтеграциеи жә-пунктк рынагӡареи рзы зҵакы дуу аҧсахрақәа рыдыркылеит. Убри аҟынтә, аоппозициа евроинтеграциа иазку абри апроцесс иалахәымыз ҳәа ҳҳәар ҳалшоит,», — иҳәеит Папуашвили.