Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Бучаҟа ииҭаз ааҧхьаразы аҭак ҟаиҵеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Украина Иреиҳаӡоу Рада ахантәаҩы Бучаҟа ииҭаз ааҧхьаразы аҭак ҟаиҵеит.
«Буча иҟалаз агыгшәыгра уанахәаҧшуа иузцәырҵуа ацәаныррақәа ажәала иузеиҭаҳәом. Рыцҳарас иҟалаз, ҳаргьы абри зегьы ҳазысхьеит. Уаҵәы, мшаҧы 9 рзы абри аҩызаҵәҟьа ацәанырра ҳамазаауеит.
«Убри азоуп Қырҭтәыла анапхгара, Урыстәыла ала Украина иҟаҵаз арратә ацәгьаурақәа реилыргаразы Гаагатәи жәларбжьаратәи аӡбара изадҵаалаз, абри арыцҳара зхароу ауаа зегьы ахьырхәра рыҭатәуп», — иҩит Папуашвили. Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи аформатқәа зегьы рҿы Украина иадгылоит, урыстәылатәи агрессиа иақәыӡбоит.
Аха, аамҭакала, Папуашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартразы аҳәара ақәыргылареи, шьаҭа зҵам адипломатиатә демаршқәеи, аконтрабанда иадҳәаланы иҵаҵәгыркым ахарадҵарқәеи аныҟоу, Украинаҟа аофициалтә ааҧхьара иаҭыҧым.
«Ааҧхьара иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп Украина анапхгара ахаҭарнакцәақәак ибзианы еилыркаауеит ақырҭуа жәлари Қырҭтәыла анапхгареи Украинеи аукраин жәлари ҕәҕәала ишрыдгыло. Дара ибзианы еилыркаауеит абри адгылараҿы ақырҭуа жәлари атәыла анапхгареи реидыхра шыҟамло. Аха, Қырҭтәыла аҩбатәи афронт аартразы аҳәара ақәыргылареи, шьаҭа зҵам адипломатиатә демаршқәеи, аконтрабанда иадҳәаланы иҵаҵәгыркым ахарадҵарқәеи аныҟоу, Украинаҟа аофициалтә ааҧхьара иаҭыҧым ҳәа исыҧхьаӡоит.
Ҳара изныкымкәа иҳҳәахьеит, уажәгьы еиҭасҳәоит, Украинеи аукраин жәлари рыдгылара – ҳуаҩытәыҩсатәи ҳҭоурыхтәи уалҧшьоуп, ҳара ари ауалҧшьа наҳагӡоит.
Ҳара ақырҭуааи украинааи рыешьара ишақәнагоу еиҧш иҟаҳҵоит», — иҩит Шьалуа Папуашвили.