Қырҭтәыла апарламент актәи аԥхьарала аднакылеит адепутатцәа рулафахәы азырҳара азҵаара
Қырҭтәыла апарламент актәи аԥхьарала аднакылеит адепутатцәа рулафахәы азырҳара азҵаара

Қырҭтәыла апарламент актәи аԥхьарала аднакылеит адепутатцәа рулафахәы азҳара азҵаара, аԥсахра адгылеит85-ҩык адепутатцәа.

Абҵара 2 рзы Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иаԥшьигеит апарламент арегламент аԥсахра алалара. Аԥсахра инақәыршәаны,  иашьҭанеиуа аԥхьара апарламент алахәылацәа рулафахәы иазҳауеит.

Апарламент аинформациа ала, азакәанпроект аҿы ишану ала, аулафахәы акоефициентқәа рыла ԥсаххоит. Акоефициентқҵәа абас ишоит: апарламент ахантәаҩы –  8,5; апарламент ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ – 8,0; апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – 7,8; акомитет ахантәаҩы, афракциа ахантәаҩы – 7,6; акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, афракциа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ – 7,4; акомитет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, афракциа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – 7,2; ачин змам апарламент алахәыла – 7,0.

Лымкаала, апарламент алахәылацәа рулафахәы абас ишоит: апарламент ахантәаҩы – 10 000 лари, апарламент ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ – 9500 лари, апарламент ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – 9250 лари, акомитет ахантәаҩы, афракциа ахантәаҩы – 9000 лари, акомитет ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ, афракциа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ – 8750 лари, акомитет ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, афракциа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ – 8500 лари, ачин змам апарламент алахәыла – 8250 лари.