Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭааит Исландиа ахада
Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭааит Исландиа ахада

Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭааит Исландиа ахада Гудни Иоҳаннесон.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Исландиа ахадеи аҳәынҭқарратә делегациеи ирԥылеит Қырҭтәыла ахада ладминистарциа аиҳабы Наҭиа Сулавеи Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиавилии.

Исландиа ахада Гудни Иоҳаннесон иԥылара аофициалтә церемониа иахьа, Орбелианиаа рхан аҿы мҩаԥгахоит.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Исландиа ахадеи Қырҭтәыла ахадеи ишиашоу аиԥылареи ирҭбаау аформат аҿы аиԥылареи мҩаԥыргоит, урҭ рышьҭахь ахадацәа аҳәамҭа́қәа еицыҟарҵоит.

Иара убас Гудни Иоҳаннесон Қырҭтәыла аԥыза-министри апарламент ахантәаҩы дырԥылоит.