Қырҭтәыла Амилаҭтә гвардиа Норвегиа Аҩныҵҟатәи агвардиаҟны аусеицура иазку 2 ганктәи аплан аднакылеит
Қырҭтәыла Амилаҭтә гвардиеи Норвегиа Аҩныҵҟатәи агвардиеи 2 ганктәи аусеицура иазку аплан рыдыркылеит, уи аҿы иарбоуп анеҩстәи хәышықәса рзы аҧыжәара зауа ахырхарҭақәа.
Адокумент рнапы аҵарҩит Амилаҭтә гвардиа анапхгаҩы, абригадатә аинрал Роман Џьохаӡеи Норвегиа Аҩныҵҟатәи агвардиа аҧыза ихаҭыҧуаҩ, абригадатә аинрал Мартин Егени. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, аиҧылараан аганқәа рхаҭарнакцәа агвардеицәа рыбжьара аусеицура иаҵанакәа азҵаарақәеи Қырҭтәыла Амилаҭтә гвардиа арҕәҕәаразы иҟоу алшарақәеи ирылацәажәеит.
Аинралцәа ишазгәарҭаз ала, Қырҭтәыла Амилаҭтә гвардиеи Норвегиа Аҩныҵҟатәи агвардиеи рыбжьара аусеицура иаҳа иҕәҕәахап ҳәа игәыҕуеит.