Қырҭтәыла Амилаҭрацәатә арратә азыҟаҵарақәа Agile Spirit 2025 аофициалла иаартуп
Қырҭтәыла Амилаҭрацәатә арратә азыҟаҵарақәа Agile Spirit 2025 аофициалла иаартуп

Қырҭтәыла Амилаҭрацәатә арратә азыҟаҵарақәа “Аԥсы ӷәӷәа 2025” (Agile Spirit 2025) аофициалла иаартуп. Азыҟаҵарақәа иаартит Крҵаниси иҟоу Нато-Қырҭтәылатәи азыҟаҵарақәеи ахәшьараҭареи рцентр  (JTEC) аҿы.

Agile Spirit 2025 Қырҭтәылеи Ҭырқәтәылеи рҿы мҩаԥысуеит. Agile Spirit  2025, Қырҭтәылеи ЕАШ-и, Ҭырқәтәылеи рхыхьчаратә мчрақәа рхаҭарнакцәеи, даҽа аа-тәылак рҟынтәи арратә маҵуҩцәеи рхы аладырхуеит. Амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа хықәкы хаданы ирымоуп атәылақәа рхыхьчаратә мчқәа разыҟаҵара, роперативтә лшарақәа рыҩаӡара аизырҳара.