Қырҭтәыла америкатәи еилахәыра "Гилеад" аҟынтә акоронавирус аҽыхәышәтәразы амедикамент "Ремдесивир" 10000 афлакон ҳамҭас аиуит
Қырҭтәыла америкатәи еилахәыра “Гилеад” аҟынтә акоронавирус аҽыхәышәтәразы амедикамент “Ремдесивир” 10000 афлакон ҳамҭас аиуит.
Ари атәы асоциалтә каҭа Феисбук ала ааицҳаит Қарҭтәи аинфекциатә хәышәтәырҭа адиректор Ҭенгиз Церцваӡе.
Церцваӡе иажәақәа рыла, амедикаментқәа рыхә 4 миллион америкатәи адоллар иаҟароуп.