Қырҭтәыла алхратә комиссиа хада заанаҵтәи адыррақәа рыла, уажәазы «Ақырҭуа гәахәтәы» 49, 32%, «Амилаҭтә ҵысра» – 25,94%, «Европатәи Қырҭтәыла» – 3,77% абжьқәа роуит

09:52, 01.11.2020

 

Уажәазы, 3 847 алхырҭақәа рҟынтә 2 252 рҿы абжьқәа рхыҧхьаӡара иҧхьаӡоуп.

Апартиақәа абарҭ алҵшәақәа рымоуп:

Ақырҭуа гәахәтәы  —  адемократиатә Қырҭтәыла  — 49,32%;

«Амилаҭтә ҵысра» — 25,94%;

«Европатәи Қырҭтәыла» — 3,77%;

«Апатриотцәа ралианс» — 3,26%;

«Лело» — 3,16%;

«Аҕмашенебели истратегиа» — 3,1%;

«Гирчи» — 2,87%;

«Алеко Елисашвили — Атәылауаа» — 1,34%;

«Алеибористтә партиа» — 1,03%.

Егьырҭ апартиақәа 1 наӡынакгьы рмоуит.

 

Еиԥшу