Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа - "Қырҭтәыла ӷәӷәеи" егьырҭ аполитикатә актиорцәеи рахь ааԥҳьара ҟаҳҵоит зегь ирзеиԥшу анормақәа рыхьчарц
Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа - "Қырҭтәыла ӷәӷәеи" егьырҭ аполитикатә актиорцәеи рахь ааԥҳьара ҟаҳҵоит зегь ирзеиԥшу анормақәа рыхьчарц

Аполитикатә ҵысра “Қырҭтәыла ӷәӷәа” алидер Анна Долиӡе аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Актәи аканал ажурналистцәеи ҳаиҿкаареи рганахьала аалырԥшыз агрессиа ақәҿыҭра ҳҭахуп. Анна Долиӡе лхымҩаԥгашьа аибарххареи Ауааажәларратә дырраҭара адискриминациеи роуп хықәкыс иамоу.

Раԥхьаӡа иргыланы, агәынамӡара ааҳарԥшуеит акциа аан ҳжурналистцәа рганахьала иаарԥшыз агрессиа иадҳәаланы. Актәи аканал аганахьала имҩаԥысуа хықәкылатәи, анегативтә кампаниа Аканал аганахьала агрессиа ала иаарԥшхоит, ари Ауаажәларратә дырраҭараҿ аус зуа уаҩыцыԥхьаӡа иԥсҭазаара ашәарҭа иҭаднаргылоит.

Анна Долиӡе леиԥш егьырҭ аполитикатә лидерцәагьы Актәи аканал ажурналистцәа рганахьала агресиа аадырԥшуеит, ари атенденци аҟазшьа аиуит.”Қырҭтәыла ӷәӷәеи” егьырҭ аполитикатә актиорцәеи рахь ааԥҳьара ҟаҳҵоит зегь ирзеиԥшу анормақәа рыхьчарц.