Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа
Қырҭтәыла Актәи аканал аҳәамҭа

 

Евроеилгыдеи ЕАР Аҿиара апрограммеи рыдгылара ала ақырҭуа еиҿкаарақәа «Қырҭтәыла ажурналисттә етика ахартиеи» «Интерниус  Қырҭтәылеи» еицымҩаԥыргаз,  Қырҭтәыла 2020 шықәсазтәи апарламенттә алхрақәа аих рҿы раарԥшра иазку аҭҵаара иазкны Актәи аканал аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аҳасабыра иадҳәаланы Ауаажәларратә дырраҭара згәаҭақәак амоуп. Азгәаҭақәа радресат «Қырҭтәыла ажурналисттә етика ахартиа» ауп.

«Қырҭтәыла ажурналисттә етика ахартиа» аҵыхәтәантәи аҳасабырбақәа рҿы, уаанӡа ицәыргаз абжьаратәи аҳасабырбақәа реиԥш, хықәкыс ирымоуп Ауаажәларратә дырраҭара адискердитациа, Актәи аканал аредакциатә политика иадҳәаланы ииашам агәаанагарақәа рышьақәырӷәӷәара, иобиективым агәаанагарақәа раарԥшра.

«Қырҭтәыла ажурналисттә етика ахартиа» хықәкыс амазароуп зыҩаӡара ҳараку ажурналисттә стандартқәа раԥҵара, аха ари ацынхәрас амедиақәыԥшылара аполиаризациа иадгылоит. Ари ала ауаажәларатә телехәаԥшра иаԥырхагоу  астереотипқәа рышьақәырӷәӷәара иадгылоит, Актәи аканал ажурналистцәа рыԥсҭазаареи ррепутациеи ашәарҭаҭаднаргылоит,» – иануп Актәи аканал аҳәамҭа аҿы.