Қырҭтәыла Актәи аканал агендертә мчылара иаҿагылоу кампаниа иалахәуеит
Қырҭтәыла Актәи аканал агендертә мчылара иаҿагылоу кампаниа иалахәуеит

Қырҭтәыла Актәи аканал агендертә мчылара иаҿагылоу кампаниа иалахәып. Аҳәса рзы амчылара аҧыхра азықәҧара жәларбжьаратәи амш азы, абҵара 25 рзы иалаго акампаниа 16 мшы инагӡахоит.

Абҵара 25 рзы Ауаажәларратә дырраҭара ахыбра алашара ҟаҧшь ала идырлашоит.

Мчыбжьык аҩнуҵҟала, Қырҭтәыла Актәи аканал аплатформақәа зегьы  рдырраҭарақәа агендертә амчылара иазку азҵаарақәа ирызкызаауеит.

Агендертә баланс ахьчара амзызла, Қырҭтәыла Актәи аканали ВВС-и еицынарыгӡоит апроект  «50:50», уи анеҩстәи ашықәсқәа рзы Ауаажәларратә дырраҭара аплатформақәа зегьы рҿы агендертә баланс аиқәыршәара иазкуп.  Уажәазы ари апроект нарыгӡоит   70 аиҿкаарақәа  20 ҳәынҭқарра рҿы.

ВВС-и Қырҭтәыла Актәи аканали ирыбжьарҵаз амеморандум инақәыршәаны, Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы ари апроект инагӡахоит шықәсқәак рыҩнуҵҟала.