Қырҭтәыла, акоронавирус аҿагылараҿы, 183 ҳәынҭқарра рҟынтә иреиҕьу 10 ҳәынҭқаррак иреиуп
Оксфордтәи ауниверситет ирҿыцу адыррақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла, акоронавирус аҿагылараҿы, 183 ҳәынҭқарра рҟынтә иреиҕьу 10 ҳәынҭқаррак иреиуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Аинфекциатә патологиақәеи АСПИДи ацентр.
Оксфордтәи ауниверситет есымша ицәырнагоит акоронавирус аҿагылара аганахьала атәылақәа реиҳабырақәа инарыгӡо ауснагӡатәқәа ирызку аинформациа.
«Ахәшьара акомплекстә ҟазшьа амоуп, 19 индикаторқәа рышьаҭа ала ишьақәгылоуп, арҭ аиндикаторқәа иреиуп: аҳәынҭқарратә политика, аекономикатә политика (атәылауаа рџьаусҧса аиҷаҳарагьы налаҵаны), агәабзиарахьчара асистема аполитика арбагақәа (атестирра, апациентцәа рхылаҧшра, авакцинациа, уҳәа, уб.егь.).
«Хәажәкыра 15 рзы иҟоу аҭагылазаашьа ала, Қырҭтәыла 10-11 аҭыҧ ааннакылоит 183 ҳәынҭқарра рыбжьара. Германтәылеи, Ирландиеи, Италиеи заҵәы роуп Европеи Аҩадатәи Америкеи аҳәынҭқаррақәа рҟынтә ҳара ҳаҧхьа игылоу», — иануп ацентр аинформациаҿы.