Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 37-ҩык апациентцәа
Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 37-ҩык апациентцәа

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 37-ҩык апациентцәа, рыԥсҭазаара иалҵхьеит  13 942-ҩык.

Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 943 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 2789-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.