Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 81-ҩык апациентцәа, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 7 482-ҩык. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 3212 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 5017-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 3 886 афакт ҿыцқәа аарҧшын, 4 103-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 74-ҩык.