Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 76-ҩык апациентцәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 2 669 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 6 177-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 4 247 афакт ҿыцқәа аарҧшын, 3 053-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 74-ҩык.