Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 74-ҩык апациентцәа. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус 4 247 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 3053-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.
Иацы Қырҭтәыла акоронавирус 4 031 афакт ҿыцқәа аарҧшын, 4 585-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 73-ҩык.