Қырҭтәыла акоронавирус амшала 50-ҩык ԥсит
Қырҭтәыла акоронавирус амшала 50-ҩык ԥсит

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус амшала иҧсит 50-ҩык апациентцәа, рыԥсҭазаара иалҵхьеит  7 917-ҩык. Ари аинформациа аланарҵәеит Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр.

Иасыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус  1 965 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 3 996-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит.