Қырҭтәылa aкоронaвирус аарԥшра иахьатәи аҵоура арбага 1,16% иаҟароуп
Қырҭтәылa aкоронaвирус аарԥшра иахьатәи аҵоура арбага 1,16% иаҟароуп

Қырҭтәылa aкоронaвирус аарԥшра иахьатәи аҵоура арбага 1,16% иаҟароуп. Аинформациа ианылеит асаит stopcov.ge.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa атәылаҿы иҟаҵоуп  13 730 атестқәа: 9 275 – антиген азы,  PCR – 4 455.

Аҵоура арбага: мышктәи –  1.16%, иҳаҩсыз 14 мштәи –  1,41  %, иҳаҩсыз 7 мштәи – 1,53%.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рылa Қырҭтәылa aкоронaвирус 153 aфaкт ҿыцқәa aaрҧшын,  атәылаҿ 328-ҩык aпaциентцәa aчымзaрa иaлҵит, иԥсит 2-ҩык.