Қырҭтәыла акоронавирус 2661 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 1 274-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акоронавирус 2661 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус ачымазара иалҵит 1274-ҩык, 30-ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 36 840 атестқәа.
Атәылаҿы акоронавирус аларҵәара арбагақәа: аҵыхәтәантәи 14 мшы рыла — 5,70%, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла — 6,16%.
Атәылаҿы акоронавирус аҽыхьчаратә алаҵа ҟарҵахьеит 1 853 296-ҩык.
Зынӡа Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 628 719-ҩык, урҭ рҟынтә 597 654-ҩык ачымазара иалҵхьеит, 9 192 -ҩык апациентцәа иҧсит.