Қырҭтәыла акороанвирус 723 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 932ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акороанвирус 723 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит уажәааны ирҿыцыз аиҳабыратә вебдаҟьа ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла ачымазара иалҵит 932ҩык, 19ҩык апациентцәа иҧсит.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы имҩаҧган 17 850 тестқәа.
Инеизакны, Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 256 287ҩык, урҭ рҟынтә 246 459ҩык ачымазара иалҵхьеит, 3 127ҩык апациентцәа иҧсит.
Акарантин аҿы иҟоуп 538ҩык, астационарқәа рҿы — 2770ҩык, аковид-сасааирҭақәа рҿы — 346ҩык.
Ажьырныҳәа 27 рзы Қыррҭтәыла акоронавирус 742 афактқәа аарҧшын, 1081ҩык ачымазара иалҵит.