Қырҭтәыла акороанвирус  583 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 671ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акороанвирус  583 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 671ҩык ачымазара иалҵит

Қырҭтәыла акороанвирус  583 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы ачымазара иалҵит  671ҩык,  19ҩык апациентцәа иҧсит.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Қырҭтәыла акоронавирус азы иҟаҵан  16 605 тестқәа.

Аҵоурара арбага: есымшатәи  — 3,51 наӡына, аҵыхәәтантәи 14мшы рыла  — 4,41 наӡына, аҵыхәтәантәи бжьымш рыла  — 3,79 наӡына.

Инеизакны Қырҭтәыла акоронавирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 260 480ҩык, урҭ рҟынтә  251 748ҩык ачымазара иалҵит,  3240ҩык иҧсит.

430ҩык акаранти аҿы иҟоуп, 2341ҩык астационарқәа рҿы ишьҭоуп, 277ҩык аковид-сасааирҭақәа рҿы.

Жәабран 3 рзы Қырҭтәыла акоронавирус  688 афактқәа аарҧшын, 788ҩык ачымазара иалҵит.