Қырҭтәыла акороанвирус 388 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, даҽа 331ҩык ачымазара иалҵит
Қырҭтәыла акороанвирус 388 афакт ҿыцқәа аарҧшуп. Ари аинформациа жәбар шәылшоит аиҳабыратә саит ҷыда stopcov.ge. аҿы.
Иахьа уажәраанӡа Қырҭтәыла акороанвирус адиагноз рзышьақәырҕәҕәоуп 267701ҩык.
Даҽа 331ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, инеизакны рҽырыхәшәтәхьеит 260 597ҩык.
Аҵыхәтантәи 24 сааҭ рыла акоронавирус амшала атәылаҿы иҧсит быжьҩык апациентцәа. Инеизакны иҧсхьеит 3406ҩык.
Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла атәылаҿы акоронавирус азы иҟаҵан 16 391 атестқәа.
Есымшатәи иҵоуроу арбага — 2,37%, аҵыхәтәантәи 14мшы рыла — 2,7%, аҵыхәтәантәи 7мшы рыла — 2,4%.
Акарантин аҿы иҟоуп 253ҩык, 1813 — астационарқәа рҿы, 232ҩык аковид-сасааирҭақәа рҿы иҟоуп.
Иацы Қырҭтәыла акороанвирус 365 афакт ҿыцқәа аарҧшын, 539ҩык ачымазара иалҵит.