Қырҭтәыла аҟәарахьчаратә маҵзура амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа  SEA BREEZE 2021 хыркәнашеит
Қырҭтәыла аҟәарахьчаратә маҵзура амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа  SEA BREEZE 2021 хыркәнашеит

 

Амилаҭрацәаратә азыҟаҵарақәа  SEA BREEZE 2021 хыркәшоуп. Азыҟаҵарақәа аҵыхәтәантәи аетап аан арра-амшынтә азыҟаҵарақәа мҩаҧган Украина атерриториатә ӡқәа рҿы, азыҟаҵарақәа ирылахәын Алианс иалоу атәылақәа рыҕбақәагьы.  Аҟәарахьчаратә аҕбақәа «Диоскуриеи»  «Очамчыреи» НАТО арра- амшынтә ахәҭақәа ирыцны, аҧшаара-аиқәырхаратә операциақеи атактикатә маниоврқәеи мҩаҧыргеит.

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, азыҟаҵарақәа хықәкыс ирыман  адырреи аҧышәеи аиҭныҧсахлареи, аимадареи азеиҧш алшарақәеи реиҕьтәреи.