Қырҭтәыла аихамҩа аӡбарала, Қарҭ-Баҭым-Қарҭ ахырхарҭала иацҵоу адәыӷбақәа рышьҭуеит
Қырҭтәыла аихамҩа аӡбарала, Қарҭ-Баҭым-Қарҭ ахырхарҭала жьҭаара 5, 7, 12, 14, 19, 21, 26, 28 рзы иацҵоу адәыӷбақәа рышьҭуеит.
Қырҭтәыла аихамҩа аинформациа ала, адәыӷбақәа Қарҭынтә Баҭымҟа ицоит асааҭ 00:30 рзы, Баҭымынтә Қарҭ аауеит асааҭ 00:40 рзы.
“Абилеҭқәа раахәара ҟалоит “Қырҭтәыла аихамҩа” авебдаҟьаҿ ticket.railway.ge, акассақәа рҿы, апартниор аилахәырақәа рвебдаҟьақәа рҿы”, – иануп аинформациа аҿы.