Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аҿартә проект иалагеит
Қырҭтәыла Аиустициа аминистрра аҿартә проект иалагеит

Қырҭтәыла аиустициа аминистр Рати Брегаӡе,   Кварели аҵаратә центр аҿы,  аҿартә клуб  YOUTHTITIA  алахәылацәа дырҧылеит. Аминистр астудентцәа ақәҿиарақәа рзеиҕьашьаны,   аклуб алахәылацәа аминистрра аусураҿы аҧыжәара змоу ахырхарҭақәа ирызкны ирзеиҭеиҳәеит.

«Аконкурс мҩаҧганы,  30ҩык астудентцәа алҳхит,  дара шықәсык иалагӡаны,  Аиустициа аминистрра асистемаҿы аҧышәара иахысыр рылшоит», — иҳәеит аминистр астудентцәа данырҧылоз.

Раҧхьатәи аетапаз, аҿартә клуб алахәылацәа,  акомандала аусуреи Аиустициа аминистрра аусушьеи иазку ҩымштәи атренинг иахысуеит.

30ҩык астудентцәа аклуб алахәылацәас иалхуп шықәсык аҿҳәара рыҭаны.

Ари аплатформа  абзоурала, астудентцәа  рдырра аиҕьтәреи, аҳәынҭқарратә напхгараҭара апроцесс алахәызаареи, Аиустициа аминистрра ареформақәа рҽалархәреи рылшоит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аиустициа аминистрра апресс-маҵзура.