Қырҭтәыла аиҳабыра ақыҭан инхо ауааҧсыра  COVID-19 аҽыхьчаратә алаҵа аҟаҵара иаҳа рзыманшәалара амзызла адҵа ҟарҵеит
Қырҭтәыла аиҳабыра ақыҭан инхо ауааҧсыра COVID-19 аҽыхьчаратә алаҵа аҟаҵара иаҳа рзыманшәалара амзызла адҵа ҟарҵеит

Қырҭтәыла аиҳабыра ақыҭан инхо ауааҧсыра  COVID-19 аҽыхьчаратә алаҵа аҟаҵара иаҳа рзыманшәалара амзызла адҵа ҟарҵеит

Адҵа инапы аҵаиҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Адҵа ашьаҭа ала, авакцинациа мҩаҧгахоит амедицинатә, иара убас, амедицина иадҳәалам аусбарҭақәеи, ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәеи рҿы, убри адагьы, аиҭаҵра зцәыуадаҩу ауааҧсыра аҩныҟа ирызнеины, аҭыҧаҿы алаҵа рзыҟарҵоит.

Амуниципалитетқәа рҵакырадгьылқәа рҿы апрограмма мҩаҧызго аусбарҭақәа адҵа рыҭоуп иашьашәалоу амедицинатә персонали авакцинациазы иаҭаху аибыҭареи рыла абригадақәа еиҿыркаарц.

Апланла иазҧхьагәаҭоу амбулаториатә маҵзура еиқәзыршәо аусбарҭақәа ируалуп дара русбарҭақәа рҿы ашәҟәы иҭаҩу ақыҭауаа алаҵақәа рзыҟаҵара ақыҭатә ҳақьымцәеи амедиеҳәшьцәеи рҽалархәра ала.

Амуниципалтә Ауаажәларратә гәабзиарахьчара ацентрқәа ирыдырҵеит авакцинациа алокациақәа иашьашәалоу авакцинақәа рыла реиқәыршәареи, адаҷ хьшәашәа амониторинги, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәеи алаҵақәа ҟазҵо абригадақәеи рыбжьара акоординациа аиқәыршәареи.

Ауааҧсыра алаҵақәа рзыҟаҵара амзызла, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа ирыдырҵеит иашьашәалоу аинфраструктура алхреи, ацентри Афармацевтикатә усура арегулиациа агентреи рҟны аиқәшаҳаҭреи. Иара убас, алаҵақәа ззыҟаҵатәу ауааҧсыра авакцинациазы реизгареи рааҧхьареи азыҳәан, иаҭаххар атранспортла реиқәыршәареи.  Убри адагьы, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа, авакцинациа апроцесс ацхраара амзызла, авакцинациа аоперативтә штаб еиҿыркаароуп.

Аҭагылазаашьа ҷыда ахылаҧшреи хырҧашьа змам ацхыраареи ацентр адҵа аиуит  авакцинациа апроцесс аҿы ақыҭатә ҳақьымцәеи амедиеҳәшьцәеи рылахәызаара ацхраареи, авакцинациа амзызла амуниципалитет аҿы иҟоу амедицинатә усбарҭа ала иманшәалоу ақыҭатә амбулаториақәа ралхра апроцесс ацхраареи азы.
Аҵареи аҵарадырреи аминистрра адҵа аиуит, аҵаратә процесс иалагаанӡаиаҭаххар аҵаратә усбарҭақәа рхыбрақәа ралхра.

Атәылахьчара аминистрра иадырҵеит, иаҭаххар, алаҵақәа рыҟаҵаразы иацҵаны амедицинатә персонал ралхреи, ааҧшратә қәыҧшыларақәа реиҿкаара ацхраареи.

Адҵа инақәыршәаны, адҵала иҳәаақәҵоу ауснагӡатәқәа рымҩаҧгра иахылаҧшуеит Ахҵәацәеи, агәабзиарахьчареи, асоциалтә аиқәыршәареи азы аминистрра.