Қырҭтәыла аиҳабыра аӡбарала, Ҭырқәтәыла аиқәырхаратә уснагӡатәқәа рҽалархәразы иашьашәалоу атехникеи аиқәырхаҩцәеи рышьҭуеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иӡбара ала, Ҭырқәтәыла аиқәырхаратә уснагӡатәқәа рҽалархәразы иашьашәалоу атехникеи аиқәырхаҩцәеи рышьҭуеит. Ари атәы аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә.
Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысра алҵшәақәа рыҿагыларазы, аҭыԥ ахь ирышьҭуеит Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аусуҩцәа.
Аҵыхәтәантәи дыррақәа рыла, Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан иҭахеит 284-ҩык, ахәрақәа роуит 2323-ҩык. Атәыла алада-мрагыларатәи ахәҭәаҿ иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аан жәақалақьк аԥхасҭа роуит. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп аиқәырхаҩҵәа, азакәанхьчаҩцәа, ар.