Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама 100 нызқьыҩ агәаҟца ргәаларшәара амш азгәанаҭоит
Қырҭтәыла аиашахаҵаратә уахәама 100 нызқьҩык агәаҟцәа ргәаларшәара амш азгәанаҭоит.
Қырҭтәыла Акаталикос-Патриарх ишьҭрамҭаҩ, аб Шио, ауахәама аҭааҩцәа ахьеизаз Мехети ацҳаҿ апанихида мҩаҧигеит.
800 шықәса раҧхьа, Қарҭ агара ашьҭахь, адинхаҵара зхы ақәызҵаз шәнызқьҩык ақьырсианцәа рыхқәа хҵәаны, Мтквари аӡиас иҭарыжьит. 1227 шықәсазы, Џьалаледин идҵала, адинхаҵара аҧсахра зҭахымхаз 100 нызқьҩык ақьырсианцәа иргәаҟны иршьит.