Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа реидгыла  - Иреиҕьу европатәи АИХқәа британиатәи авиаеилахәырақәа Қырҭтәыла аусура ишалагаз атәы ирҩуеит
Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа реидгыла  - Иреиҕьу европатәи АИХқәа британиатәи авиаеилахәырақәа Қырҭтәыла аусура ишалагаз атәы ирҩуеит

«Иреиҕьу европатәи АИХқәа британиатәи авиаеилахәыра — British Airways-и британиатәи алоукостер  easyJet-и Қырҭтәыла аусура ишалагаз атәы ирҩуеит», — ари атәы аанацҳаит Қырҭтәыла аҳаирбаҕәазақәа реидгыла.

Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла адыррақәа рыла,  астатиақәа рҿы иаҵшьны иазгәаҭоуп  2025 шықәса аҧхынразы Қырҭтәыла атуристцәа рацәа шаднаҧхьало.

«Идуӡӡоу британиатәи ҩ-авиаеилахәырак, British Airways-и easyJet-и,   хара имгакәа, Қарҭи Лондони рыбжьра аимадара еиқәдыршәоит», —  абри аҩыза аҵакы змоу астатиақәа кьыҧхьуп британиатәи аҭыжьымҭақәа рҿы: The Independent, Daily Mail, иара убас,  Business Traveller, Travel Radar,  Euronews Georgia.

Астатиақәа рҿы ишазгәаҭоу ала, лондонтәи аҳаирбаҕәазақәа  Хитроуи Лутони рҟынтә ишиашо ареисқәа рыбзоурала, аҧырра аамҭа 8 сааҭк рҟынтә  5 сааҭк рҟнынӡа имаҷхоит.

«2025 шықәса аҧхынразы Қырҭтәыла атуристцәа рацәа аднаҧхьалоит, избанзар,  British Airways-и easyJet-и Лондон аҟынтәи  ишиашо ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит», — иануп астатиақәа рҿы.