Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реидҵара дахагылоит Иракли Қарқашаӡе
Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реидҵара дахагылоит Иракли Қарқашаӡе

Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реидҵара дахагылоит Иракли Қарқашаӡе.

Аекономика аминистрра аинформациа ала, Иракли Қарқашаӡе авиациа ахырхарҭаҿ аус иуеижьҭеи бжьышықәса ҵуеит. Уи авиациатә индустриа ахырхарҭала Кремстәи ауниверситет аҿы амагистртә программа (МВА)  – авиациатәи менеџьмент далгеит. Иара убас Қырҭтәыла атехникатә университет аҿы докторс далхуп.

Уаанӡа Иракли Қарқашаӡе Қәҭешьтәи ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан.

Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реидҵара ԥасатәи ахада Ҭамар Арчуаӡе Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реидҵара ахылаԥшратә хеилак алахәылас далхуп.