Қырҭтәыла аҳәаатә полициа агежьҧрыга «Ми-8» иахьыз амашәыр иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Қырҭтәыла аҳәаатә полициа агежьҧрыга «Ми-8» иахьыз амашәыр иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.
Аҳәамҭа ишану ала, амашәыр шыҟалазгьы, апрофессионалтә пилотцәа агежьҧрыга абазаҿ артәара рылшеит.
«Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәаатә полициа агежьҧрыга анаҟәоу аҿы польшатәи атуристцәа рыцхраан, аҧшацәгьа амшала амашәыр ахьит. Агежьҧрыга аҧхьатәи ашасси адгьыл ианадкьысла, аҧырратә аппарат амортизациа ахьит. Аха, апрофессионалатә пилотцәа Қарҭ ахырхарҭала аҧырреи агежьҧшыра қәҿиарала абазаҿ артәареи рылшеит», — иануп ҳәаатә полициа аҳәамҭаҿы.