Қырҭтәыла аҳҭнықалақьаҿ иазгәарҭоит  Ақалақь амш  - Ҭбилисоба
Қырҭтәыла аҳҭнықалақьаҿ иазгәарҭоит  Ақалақь амш  - Ҭбилисоба

Қырҭтәыла аҳҭнықалақьаҿ аныҳәа  «Ҭбилисоба» мҩаҧысуеит.

Ақалақь амш иазку агәырҿыхаратәи амузыкатәи уснагӡатәқәа мҩаҧысуеит цәыббра  30-и жьҭаара  1-рзы. Ауснагӡатәқәа реиҳара имҩаҧысуеит Орбелианиаа рышҭеи, уи иаҧну аҵакырадгьыли, Риҟе апарки, Абаноҭубании рҿы.

Иара убас, цәыббра  30 асааҭ  20:00 рзы, Аҳәынҭқарратә церемониақәа рханаҿ имҩаҧысуеит аныҳәатә концерти Қарҭ аҳаҭыртә тәылауаа анашьамҭақәа рыҭара ацеремониеи.