Қырҭтәыла агепатит В аҿагылара аҳәынҭқарратә программа иалагеит
Қырҭтәыла агепатит В аҿагылара аҳәынҭқарратә программа иалагеит

Қырҭтәыла агепатит В аҿагылара аҳәынҭқарратә программа иалагеит. Агәабзиарахьчара аминистрра адыррала, апациентцәа хәыда-ҧсада амедицинатә цхыраара роуеит.

Апрограмма хықәкыс иамоуп ари ачымазара арбагеи, аҧсҭбареи, аинфекциа аларҵәареи аиҵатәра.  Раҧхьатәи аетапаз апациентцәа гәаҭаны, адиагноз рзышьақәдыргылоит, анеҩс, цәыббразы, рыхәшәтәра иалагоит.

Агепатит В авирус змам ауааҧсыра  ари авирус аҽацәыхьчаратә алаҵа аҟаҵара рыдаргалоит.

Апрограмма иалахәып атәыла зеџьынџьара иҟоу 15 амедицинатә усбарҭақәа, урҭ рхыҧхьаӡара етапла иацлоит.