Қырҭтәыла аекономика аминистр лхаҭыҧуаҩ ЕгрыГес аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит
Қырҭтәыла аекономика аминистр лхаҭыҧуаҩ Давиҭ Твалабеишвили ЕгрыГес аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаҧысуа гәеиҭеит, иара ицын апарламент ахәылацәеи аенергетикцәеи.
Аминистрра аинформациа ишану ала, аҵыхәәтантәи 15 шықәса рыҩнуҵҟала Егры Гес аҿы абри аҩыза зымҽхак дуу, акомплекстә усурақәа мҩаҧгамызт.
«Хырҧашьа змамыз аусурақәа рымҩаҧгаразы, 2021 шықәса ажьырныҳәазы ЕгрыГес агрегатқәа зегьы русура аанкылан. Аӡфымцатә станциа аусура еиҭалагоит лаҵара алагамҭазы. ЕгрыГес аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыбзоурала, атәыла иҵегьы 100 млн. квт. сааҭ афымца аиуеит», — иануп аинформациаҿы.