Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратә ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Урыстәыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаара аилагара иашьҭанеиуа изакәандароу ашьаҿа иақәнаго ахәшьара арҭарц
Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны апарламент аҳәынҭқарратә дача “Пицунда” Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара (аратификациа) Урыстәыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаара аилагара иашьҭанеиуа изакәандароу ашьаҿа ауп, Урыстәыла Қырҭтәыла иузеиҟәымҭхуа арегионқәа рымпыҵахалара аполитика амҩаԥгара нанагӡоит, ари жәларбжьаратәи зин ашьаҭатәи апринципқәа реилагароуп, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы..
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоуп, жәларбжьаратә зин инақәыршәаны, абри еиԥш аиқәшаҳаҭрақәа аиуристтә мчы рымам.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Аԥсны арегион ампыҵахалараан аҵакырадгьыл аҭара иазку аиқәшаҳаҭра азинтә лшәа аиуам.
„Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратә ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит Урыстәыла Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаара аилагара иашьҭанеиуа изакәандароу ашьаҿа иақәнаго ахәшьара арҭарц. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи пату ақәнаҵарц, 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭрала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәа нанагӡарц,”- иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы.
Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны апарламент аҳәынҭқарратә дача “Пицунда” Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит