Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаақәа рделимитациа-демаркациа азҵаара ирзықәгыргылом Қырҭтәыла аҵакырадгьыл адеоккупациеи амца аанкылара иазку аиқәшаҳаҭра анагӡамкәа
Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәаақәа рделимитациа-демаркациа азҵаара изықәгылахом Аҧсни Цхинвалтәи арегиони Урыстәыла ала импыҵахаланы иахьынӡаҟоу, Урыстәыла амца аанкылара иазкны 2008 шықәсазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра нанагӡаанӡа, – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит жәларбжьаратәи зин ахадаратә нормақәа инрықәыршәаны, Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟынтә рхатә бџьармчқәа алыргарц.