Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сергеи Нарышкин иҟаиҵаз аҳәамҭа урыстәылатәи агибридтә еибашьра аҳасабала иахәаҧшуеит
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сергеи Нарышкин иҟаиҵаз аҳәамҭа урыстәылатәи агибридтә еибашьра аҳасабала иахәаҧшуеит

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра Сергеи Нарышкин иҟаиҵаз аҳәамҭа урыстәылатәи агибридтә еибашьра аҳасабала иахәаҧшуеит

Урыстәыла Адәныҟатәи аҧшыхәаратә маҵзура анапхгаҩы  Сергеи Нарышкин иҟаиҵаз аҳәамҭа Қырҭтәыла иаҿагыланы Урыстәыла имҩаҧнаго  агибридтә еибашьра даҽа фактк ауп, уи Қырҭтәыла аилаҩынтәра аиҿкаара иазку апровокациатә шьаҿоуп, — ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Вахтанг Махароблишвили.

Иҳаҩсыз амшқәа рзы Урыстәыла Адәныҟатәи аҧшыхәаратә маҵзура анапхгаҩы  абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит:  «Аҵыхәтәантәи аамҭазы Вашингтон  «Ақырҭуа гәахәтәы» рхымҩаҧгашьа иадҳәаланы иаҳа-иаҳа агәынамӡара аадырҧшуеит, избанзар, ақырҭуа напхгаратә гәыҧ америкатә аҳәарақәа рынагӡара рҭахым. Қырҭтәыла аҭагылазаашьа аҭыҧқәҵара амзызла, америкауаа ақырҭуа аоппозициаа ирыцхрааны,  «Ақырҭуа гәахәтәы» рпозициақәа дырҧсыҽыр рҭахуп. Америка анапхгара европатәи апартниорцәагьы ирыбжьаргоит ақырҭуа оппозициаа ирыдгыларц. Вашингтон Қырҭтәыла анапхгара иддырдыруеит ҳаҧхьаҟа  Қырҭтәыла ахырхарҭала Аҩны шкәакәа  имҩаҧырго аполитика ақырҭуа напхгара  рыла америкатә аҳәарақәа  рынагӡашьа  ишхьыҧшызаауа».

Вахтанг Махароблишвили иҳәамаҭала: «Урыстәылатәи афедерациа, Қырҭтәыла аннексиазы закәандарала имҩаҧырго аполитика афонаҿы,  Қырҭтәыла  адемократиатә аҿиареи европатәи евроатлантикатәи интеграциеи иаҧырхагахар рҭахуп. Убри азыҳәан активла рхы иадырхәоит агибридтә еибашьра аелементқәеи егьырҭ аметодқәеи.

Абри аҩыза ахымҩаҧгашьа ала, Урыстәыла анапхгара,  ажәлар рыгәҭа анигилизм аларҵәареи, атәылаҿы аполиаризациеи аиҿагылареи аиҿкаареи рҽазыркит. Убри ала, Қырҭтәыла мацара акәымкәа, арегион аҿгьы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ашьақәыргылара иаҧырхагоуп.

Уажәазы Урыстәыла,  Қырҭтәылеи уи астратегиатә партниор хада  — Америкеи рыбжьара қәҿиарла аҿиара иаҿу, зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоу апартниортә еизыҟазаашьақәа рдексридитациа рҽазыркит».