Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла Украинеи уи аиҳабыреи ирҿагыланы имҩаҧгаз акибержәылара ҕәҕәала иақәыӡбоит
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Қырҭтәыла Украинеи уи аиҳабыреи ирҿагыланы имҩаҧгаз акибержәылара ҕәҕәала иақәыӡбоит

«Қырҭтәыла Украинеи уи аиҳабыреи ирҿагыланы имҩаҧгаз акибержәылара ҕәҕәала иақәыӡбоит. Абри аҩыза афактқәа рымшала аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахар ауеит. Ҳара Украина ҳадгылоит», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Ажьырныҳәа 14 рзы украинатәи аминистррақәа рсаитқәа рзы акибержәылара мҩаҧган. Ажьырныҳәа 15 рзы Киев ишаарыцҳаз ала, Украина аҳәынҭқарратә органқәа рзы акибержәыларақәа еиҿыркааит беларустәи ахакерцәа.