Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ишаанацҳаз ала Қырҭтәыла, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәрақәа рҿы ахатә ҽазышәарақәа нанагӡоит, иашьҭанеиуа араунд азы аҽазыҟаҵара нанагӡоит
Қырҭтәыла, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәрақәа рҿы ахатә ҽазышәарақәа нанагӡоит, иашьҭанеиуа араунд азы аҽазыҟаҵара нанагӡоит, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессеи аинформациеи рдепартамент аҟынтә.
Қырҭтәыла Актәи аканал Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иадҵаалт импыҵахалоу Аҧсны де-факто анапгара иҟарҵаз аҳәамҭа иадҳәаланы. Зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Москва женеватәи адискуссиақәа даҽа ҭыҧкахь ииаргар рҭахуп, иаҳҳәап Минскҟа ма Бақәаҟа. Аԥсны де-факто Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба иажәақәа рыла, «Қырҭтәыла амч ахархәамра иазку аиқәшаҳаҭра адкыларазы аполитикатә диалог амҩаҧгара иақәшаҳаҭым».
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәрақәа рформат ихадоу платформоуп.
„Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәрақәа рформат ихадоу платформоуп, ақырҭуа агани жәларбжьаратәи апартниорцәеи хықәкыс ирымоуп 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы аганқәа амца аанкылара иазкны ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра анагӡареи, агуманитартә зҵарақәеи, мчыла ихгоу ауааԥсыра рырхынҳәреи азҵаарақәа рҿы апрогресс аиура. Қырҭтәыла, Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәрақәа рҿы ахатә ҽазышәарақәа нанагӡоит, иашьҭанеиуа араунд азы аҽазыҟаҵара нанагӡоит “, – аарыцҳаит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апрессеи аинформациеи рдепартамент аҟынтә.