Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҟрым аанексиа ҟалеижьҭеи бжьышықәса ҵра инамаданы аҳәамҭа аланарҵәеит
Адәныҟатәи аусҳәарҭа иҟанаҵаз аҳәамҭа аҿы ишану ала, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина асуверенитети атерриториатә акзаара адгылара шынанагӡо шьақәнарӷәӷәоит.
«Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Урыстәылатәи афедерациа ала Ҟрым автономтә ареспублика изакәаным аннексиеи Севастополь ақалақь ампыҵахалареи аннексиеи, жәларбжьаратәи азхаҵара змоу Украина аҳәаақәа мчыла рыԥсахреи ирҿагылоит. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Украина асуверенитети атерриториатә акзаара адгылара шынанагӡо шьақәнарӷәӷәоит,» – иануп аҳәамҭа аҿы.